Print this page
29.Лаҵара.2023

Даанкылоуп Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз ауаҩшьра аҿы игәҩароу Азербаиџьан атәылауаҩ.

Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иалҵшәаны, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьауӷатә ԥшаара Аусбарҭа аусзуҩцәа дааныркылеит Ҭырқәтәыла атәылауаҩ Аидын Ахмеҭ ишьраҿы игәҩароу, 1987 шықәсазы ииз Азербаиџьан атәылауаҩ Дадашов Ниџьаҭ Ибрагим-оглы.

Лаҵарамза 23, 2023 шықәсазы, Аҟәа ақалақь, аинрал В.Аршба (ԥыхьатәи Сахаров имҩа) имҩеи В.Арӡынба имҩеи реихысырҭаҿы,  14 сааҭи 10 минуҭи инарзынаԥшуа,  иҭҟьоз абџьар аҟынтәи еихсны дшьын 2002 шықәсазы ииз Ҭырқәтәыла атәылауаҩ Аидын Ахмеҭ. Иара убас ԥшьҩык атәылауаа еиуеиԥшым ахәрақәа роуит. Ааха зауз рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп зықәра наӡам, 2009 шықәсазы ииз атәылауаҩгьы.

 


Read 529 times