Print this page
29.Лаҵара.2023

Апрокурор Хада лаҵарамза 30 рзы иазԥхьагәаҭоу амитинг амҩаԥгараан азинлеишәа аиламгареи аиҿагылара аҟынӡа анамгареи рзы ааԥхьара ҟаиҵеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2023 шықәса.  Аԥсныпресс. Лаҵарамза 30 рзы аоппозициатә политикатә мчрақәа рыла зымҩаԥгара азԥхьагәаҭоу амитинг инамаданы, апрокурор Хада Адгәыр Агрба атәыла ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаҵо дықәгылеит.

«Ҳаҭыр зқәу ажәлар, аоппозициатә политикатә мчрақәа рхаҭарнакцәа рыла лаҵарамза 30, 2023 шықәса, асааҭ 14;00 азы, Аҟәа ақалақь Адраматә театр аҿаԥхьа зымҩаԥгара азԥхьагәаҭоу амитинг инамаданы, Ареспублика Аԥсны апрокуратура Хада ахьӡала – амитинг амҩаԥгараан азинлеишәа аиламгареи аиҿагылара аҟынӡа анамгареи рзы Шәара шәахь аҳәара ду ҟасҵоит», – ҳәа иҳәеит апрокурор Хада.

Иара убас, Адгәыр Агрба Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәеи Лакоба имҩадууи рҿы игылоу Аиҳабыратә хыбрақәа ркомплекс акәша-мыкәша адәахьтәи анаԥшра акамерақәа шышьақәыргылоу, уахи-ҽни иааиԥмырҟьаӡакәа аҭаҩра шымҩаԥысуа азы адырра ҟаиҵеит.


Read 395 times - Аԥшьаша, 01 Рашәара 2023 19:45