Print this page
29.Лаҵара.2023

Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра ацхыраарала 513-ҩык урыстәылатәи ахәышәтәырҭақәа рҿы амедицинатә цхыраара роуит.

Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса инаркны агәабзиарахьчара Аминистрра атәылауаа Аԥсны анҭыҵ рыхәшәтәра иақәхарџьит 41 млн. мааҭ, 513-ҩык урыстәылатәи ахәышәтәырҭақәа рҿы амедицинатә цхыраара роуит.  

Атәылауаа Аминистрра ахь изыдҵаало азҵаарақәа рӷьырак акардиологиа, анеирохирургиа, офтальмологиа, ашьа-датә хирургиеи атравматологиеи ирыдҳәалоуп.

«Ҳара есышықәса ҳреспублика ахәышәтәырҭақәа рҿы амедицинатә цхыраара аҩаӡара ашьҭыхра ҳаҿуп. Аха убри аан уеизгьы ҳтәылауаа аҳәаанырцә иандәықәаҳҵогьы ыҟоуп. Агәабзиарахьчара –  ҳҳәынҭқарра анапхгара азы хадара злоу усхкны иҟоуп. Ус еиԥш ахыдҵа ҳҿаԥхьа иқәыргылоуп, ҳаргьы уи иҳалшо ала анагӡара ҳҽазаҳшәалоит», – ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.  

Аҵыхәтәантәи аамҭазы Ихымԥадатәиу амедицинатә Бгаԥса азы аполис ала амедицинатә цхыраара апрактика активла ахархәара аиуит. 2023 шықәса алагамҭа инаркны, Ихымԥадатәиу амедицинатә Бгаԥса азы аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, ахәышәтәрахьы идәықәҵахеит 140-ҩык инареиҳаны атәылауаа.  


Read 413 times