Print this page
29.Лаҵара.2023

Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь анышә дахьамадоу ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ареспублика анапхгараҭара ахаҭарнакцәа Аԥсны Аҩбатәи Ахада инышәынҭра аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь ҳаҭырла дыргәаладыршәарц Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан инеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳынҭқарра Ахада Иусбарҭа Аиҳабы Џьансыхә Нанба,  Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, атәыла Анапхгара ахаҭарнакцәа, Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа.

 

Лаҵарамза 29 рзы Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара далҵижьҭеи 12 шықәса ҵит. (хәажәкырамза 4, 1949 ш. – лаҵарамза 29, 2011 ш.). ***

 

 


Read 366 times - Аҩаша, 30 Лаҵара 2023 00:13