Print this page
17.Лаҵара.2023

Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аӡиа Риҵа иахьаҵанакуа арҭҟәацратә усурақәа мҩаԥнагоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҩаша, лаҵарамза 16 рзы, Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апиротехникатә ҟәша аусзуҩцәа аӡиа Риҵа иахьаҵанакуа арҭҟәацратә усурақәа мҩаԥыргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.

«Иҿыбгаз ахра ахәҭак амҩа иахаԥеит. Иара убри ала ииасуа апассаџьырцәа рзы ашәарҭара ду аԥнаҵеит. Автомашьынатә ыиасра зынӡа иаанкылахар ауан. Ахылаԥшырҭа аусзуҩцәа иаанхаз ацаҟьа ԥыржәеит, иара убри ала ашәарҭарагьы аԥырхит», - ҳәа иазгәаҭоуп аацҳаҭа аҿы.

Аҭҟәацратә усурақәа рышьҭахь амҩа рыцҟьан, автомашьынақәа рыиасра еиҭашьақәыргылан.


Read 124 times