Print this page
24.Лаҵара.2023

Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол №10 аҿы иазгәарҭеит аҵараиурҭа 160-шықәса ахыҵра аиубилеи.

Аҟәа. Лаҵарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Н. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи ашьхарыуаа рышкол 160-шықәса ахыҵра иазкны Фазиль Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр аҿы аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.

Аҵара аминистр Инал Габлиа ашкол арҵаҩратә коллективи аҵаҩцәеи  аҵараиурҭа 160-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит, ақәҿиарақәеи аизҳазыӷьареи рзеиӷьаишьеит.

Уи ҷыдала иазгәеиҭеит ари ашкол аушьҭымҭацәа рхыԥхьаӡараҿы ишыҟоу ареспублика аҿы еиԥш уи анҭыҵгьы еицырдыруа ауажәларратәи аполитикатәи аусзуҩцәа, аҵарауаа, акультура аусзуҩцәа, аҳақьымцәа.  

Ашкол арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи дрыдныҳәаларц арахь дымҩахыҵит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

«Ари акырӡа зҵазкуа хҭысуп шәара шзеиԥш, ҳреспублика аҵара асистема зегьы азы», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада еизаз иргәалаиршәеит Ашьхарыуаа рышкол 1863 шықәсазы ишаԥҵаз.

«Шәышықәса ҵуеит Ашьхарыуаа рышкол Аԥсны аҵеи хьӡырҳәага Нестор Лакоба ихьӡ ахыижьҭеи. Абрантә иалагеит иналукааша Аԥсны аҵарауаа аӡәырҩы рымҩа», - ҳәа иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит ари ашкол аушьҭымҭацәа рлагамҭа шдуу ҳнаукеи ҳкультуреи рыҿиараҟны. Урҭ активла иалахәын ҳтәыла аполитикатә ԥсҭазаара, Аԥсны жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҟны иԥхьагылаҩцәан.

«Акрызҵазкуа абри амш аҽны ашкол иазеиӷьасшьар сҭахуп аихьӡара дуқәа, аизҳара иҿыцу ахырхарҭақәа рыла. Сгәы иаанагоит, Ашьхарыуаа рышкол аушьҭымҭацәа аԥхьаҟагьы Аԥсны аҭоурых иацырҵап, еихарҳап ҳәа», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Ашкол 160-шықәса ахыҵра инамаданы авидеодныҳәалара аалышьҭит Урыстәылатәи аҵара Академиа апрезидент Ольга Василиева.

Рышкол гәакьа аиубилеи азы адныҳәалара ҟарҵеит ари ашкол аушьҭымҭацәа, Аурыс драматә театр анапхгаҩы хада Иракли Хьынҭәбеи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьениеи.

Ашколхәыҷқәа аиубилеи иаздырхиеит аныҳәатә программа: урҭ ажәеинраалақәа ирыԥхьон, аԥсуа шәақәа нарыгӡон, икәашон.

Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол №10 аҭоурыхи еицырдыруа аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩы, аетнограф, алитературадырҩы Шьалуа Денис-иԥа Инал-Иԥа игәалашәарақәеи ирызкны адокументалтә фильм дырбан.

Аныҳәатә усмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны ашкол ареконструкциа азы агәыҳалалратә акциа амҩаԥгаразы алаҳәара ҟаҵан. Акциа шықәсык иалагӡаны имҩаԥыслоит.  

Ашкол аиубилеи аламҭалазы еиҭаҭыжьын ари ашкол аушьҭымҭа, апедагогикатә наукақәа рдоктор Борис Григори-иԥа Ҭарба ари аҵараиурҭа 100-шықәса ахыҵра азы ииҩыз аҭоурыхтә очерк «Амилаҭтә кадрқәа рааӡарҭа» («Кузница национальных кадров»).  

*** 1859 шықәсазы урыстәылатәи аимператор  Александр II, Урыстәылатәи аимпериа анырра маҷ-маҷ аҽарҭбаара иахьалагахьаз Кавказ  «ашьхарыуаа рышколқәа» раартразы Аусԥҟа ҭижьит.

Аҟәа ақалақь аҿы ашьхарыуаа рышкол аадыртит 1863 шықәсазы. Официалла ашкол аартра арыцхәны иԥхьаӡоуп мшаԥымза 4, 1863 шықәса раԥхьа уаҟа аҵара рҵон аҷкәынцәа мацара: 15-ҩык аԥсуааи  5-ҩык аурысцәеи. Аҵара аҳәынҭқарра ахарџь ала имҩаԥысуан; уи хәы-шықәса ирҭагӡан: хы-шықәса аҽазыҟаҵаратә классқәа, ҩба –  алагарҭатә школ аҿы актәи аҩбатәи аклассқәа рҿы.

1910 шықәсазы ахыбра ҿыц ргылан, 1923-тәи ашықәс инаркны ари ашкол ҩыза дуны иҟаз, лассы-лассы иаҭаауаз, илшоз ала акыр иацхраахьаз  Нестор Лакоба ихьӡ ахуп.

1935 шықәсазы  аҟәатәи абжьаратәи аԥсуа школ иалгеит раԥхьатәи аушьҭымҭацәа. Ари Аҟәа ақалақь зегьы азы ныҳәа дуун.

Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа ашықәсқәа раан ашкол аркын, арҵаҩцәа реиҳараҩык аибашьрахь ицеит.  Арҭ атрагедиатә шықәсқәа рзы шәҩыла аҵараиурҭа аушьҭымҭацәа аӷа иҿагыланы афырхаҵареи агәымшәареи аадырԥшуан.  Аӡәырҩы рыҩныҟа изыхнымҳәит, рыԥсадгьыл рхы ақәырҵеит. Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ду раԥхьаӡа изанашьахаз аԥсадгьыл аҵеи хьӡырҳәагақәа дреиуоуп  — Владимир Ҳаразиа, Кавказ иалҵыз раԥхьатәи афырхаҵа, ари ашкол иреиӷьу ааӡамҭацәа иреиуоу.

1954 шықәсазы ари аҵараиурҭа ҩаԥхьа иаартын, аҿыц ԥсҭазаара аиуит.  Н. А. Лакоба ихьӡ зху Ашьхарыуаа рышкол № 10 еиуеиԥшым аамҭақәа рзы еиҵагылоз ареспублика аҿы адагьы уи анҭыҵгьы еицырдыруа аԥснытәи ауаажәларратә усзуҩцәа, иналукааша апартиа аусзуҩцәеи асовет усзуҩцәеи аинтеллегенциа ахаҭарнакцәеи рыԥсҭазааратә мҩа алхраҿы иацхрааит. Ари ашкол ауп иаамҭазы дзылгаз Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь.  

1992-1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьраан 56 - ҩык ашкол аушьҭымҭацәа рыԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи аизҳазыӷьареи рхы ақәырҵеит. 2023 шықәсазы ашкол  160-шықәса ахыҵра азгәанаҭоит. Ари аҵараиурҭа азы мацара акәымкәа Аԥсны зегьы азы даара акыр зҵазкуа ахҭысқәа рыла игәылҭәаау  аамҭа рацәа зҵазкуа апериод ауп.  

Иахьа ашкол аҿы аус руеит арҵаҩратә коллектив ду. Араҟа аҭоурых ду змоу ашкол атрадициақәа еиҷаҳарыла иазнеиуеит, иҟоу аихьӡарақәа еихарҳауеит. Апедагогикеи еиуеиԥшым амаҭәарқәа рырҵареи рганахьала аинновациатә технологиақәа ралагалара аҵак ду арҭоит. Есышықәса ари ашкол иалгоит ахьтәи араӡни медалқәа занашьоу аҵаҩцәа. Ашкол аколлектив рааӡамҭацәа  ирызгәдууп, ашкол аҵаҩцәа лассы-лассы ареспублика амаҭәартә олимпиадақәеи аконкурсқәеи рҿы аиааирақәеи аԥхьахәқәеи ргоит..

 


Read 250 times