Print this page
25.Лаҵара.2023

Аԥсны 1777-ҩык аушьҭымҭацәа рзы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит.

Аҟәа. Лаҵарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа Аԥсны ашколқәа зегьы рҿы игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәбжьы. Сынтәа ашкол иалгаз рхыԥхьаӡара 1777-ҩык рҟынӡа инаӡоит, урҭ рахьынтә ԥшьҩык ахьтәы медал ала иалгеит.  

Аԥсны раԥхьаӡатәи ашколқәа иреиуоу – Н. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол №10 аҟны иахьа иҟаз зегьы шьыжьырнахыс аныҳәатә гәалаҟазаара рыман. Аушьҭымҭацәа иахьа ҷыдала рҽырхианы, актәи акласс аҵаҩцәа рзы анкьаԥышҭақәеи аҳамҭақәеи ааргеит, урҭх – зышкол гәакьа ааныжьны ицо 11-тәи акласс аҵаҩцәа рзы ашәҭқәа дырхиеит. Сынтәа ажәабатәи ашкол иалгоит 66-ҩык. Урҭ дрыдныҳәалеит ашкол адиректор Аида Кәарҷелиа.  

«Шәара иахьа ашкол шәалгоит. Уи сынтәа, атәылауаа нагақәа иакымкәа абиԥарақәа зааӡаз   ашкол 160-шықәса ахыҵра иақәшәеит.  Шәара шәышьҭахьҟа иааншәыжьуеит шәхәыҷра аԥсҭазааратә мҩа ду ахь шәшьаҿа еихыжәгоит.  Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит аҭынч ԥсҭазаара, агәабзиара, ахирра, ақәҿиарақәа рацәаны», – ҳәа илҳәеит Аида Кәарҷелиа.

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе ашкол аушьҭымҭацәеи урҭ рҭаацәеи дрыдныҳәалеит. Уи арҵаҩцәа 11 шықәса ирылагӡаны рҵаҩцәа адыррақәеи рыҭареи рааӡареи рнапы алакын ҳәа иазгәеиҭеит.

«Иахьа шәеиҳараҩык аҵараиурҭақәа ирҭалахьеит. Уи зегьы зыбзоуроу шәырҵаҩцәа роуп, иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп уи азы. Мҩамш, ҳаҭыр зқәу аушьҭымҭацәа, шәхы зқәышәкуа аусқәа зегьы рҿы ақәҿиарақәа шәзыԥшызааит!», - ҳәа иҳәеит Авҭандил Сурманиӡе.

Аида Кәарҷелиа 10- тәи ашкол аушьҭымҭа, атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ашкол 160-шықәса ахыҵра инамаданы иааишьҭыз адныҳәалара даԥхьеит.

Ашкол аушьҭымҭа Аԥшьана Ҷкадуа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҭоурыхтә факультет «жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа» рыҟәша дҭалахьеит.

«Сара бзиа избоит аҳәаанырцәтәи абызшәақәа, убри азы иалысхит жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы азанааҭҵара.  Сара уажәгьы инагӡаны схахьы исзаагом ашкол сшалгаз. Даара сгәы хыҭхыҭуа иалагоит саԥхьаҟа исзыԥшу аԥсҭазаара саназхәыцуа, уажәшьҭарнахыс ԥыхьа еиԥш ишыҟамло анеилыскаауа.  Сара сышколи сырҵаҩцәеи аҵара сыцызҵоз сҩызцәеи гәхьаазгалоит», – ҳәа илҳәеит ашкол аушьҭымҭа.


Read 241 times - Аԥшьаша, 25 Лаҵара 2023 14:43