Print this page
19.Лаҵара.2023

Арыжәтә џьбара, мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыдкыланы амашьына аԥсҟы акра азы ишьақәыргылоу ахараԥса 30 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡалоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа анапхгаҩы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Лоу Инал-иԥа ареспублика ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

Уи зегьы адырра риҭеит Жәлар Реизара-Апарламент аҿы  арыжәтә џьбара, мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыдкыланы амашьына аԥсҟы акра азы административтә ҭакԥхықәра еиҳа арӷәӷәара азԥхьагәазҭо ауснагӡатәқәа рзы Азакәанеидкыла аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы азакәан шрыдыркылаз.

«Убас, ахәҭаҷ 119 аиҭакрақәа алагалоуп. Арыжәтә џьбара, мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыдкыланы амашьына аԥсҟы акра азы ишьақәыргылоу ахараԥса шьҭарнахыс 30 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡалоит. Иара убас аилагара ҟазҵаз ахаҿы 6-мыз  аҽҳәара аманы амашьына арныҟәцаразы азин аршаҳаҭга имххоит», -ҳәа адырра ҟаиҵеит Лоу Инал-иԥа.

Арыжәтә џьбара, мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыдкыланы амашьына аԥсҟы зку аҩнтәраан иаанкылараан 15 мши-ҵхи ирылагӡаны аҭакрала админитративтә хьырхәра дақәыршәахоит, иара убас шықәсык ҳәа амашьына арныҟәцразы аршаҳаҭха имххоит.  

Амашьына арныҟәцаразы азин аршаҳаҭга уаанӡа измырххьаз, аха уи ада амашьына аԥсҟы акразы азакәан иазԥхьагәанаҭоит хәымш ирылгӡаны аҭакрала административтә хьырхәра.   Убри аан аршаҳаҭга амхра азы иазыԥҵәаз аҽҳәара даҽа шықәсык ацҵахоит.

«Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа аусзуҩцәа рзанааҭтә ҭакԥхықәра азакәан ҿыц иалагалоу аиҭакрақәа инақәыршәаны инарыгӡоит. Аҳәынқарратә автоинспекциа ауааԥсыра амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа рықәныҟәареи рхатәы ԥсҭазаареи егьырҭ ауаа рыԥсҭазаареи ашәарҭара иҭадмыргылаларц азы ааԥхьара ҟарҵоит», - ҳәа иазгәаҭоуп ааԥхьара аҿы.


Read 382 times