Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 19 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа административтә усқәеи админитративтә зинеилагарақәеи рзы Акассациатә коллегиаи иаарту аӡбаратә еилатәара аҿы Алеқсандр Анқәаб «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара ианашьара азы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟа азакәанмчы амам ҳәа азхаҵара азы административтә ус ала Иреиҳаӡоу аӡбарҭа хәажәкыра 22, 2023 шықәсазы иаднакылаз аӡбамҭа азы 1992-1993шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа еидызкыло ауаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа хазхаҭалатәи изыҳәамҭа иахәаԥшит. Акассациатә коллегиа аилазаараҿы иҟан: ахантәаҩы - Лииа Адлеиба, аӡбаҩцәа - Мадина Логуеи Ҭемыр Ҭарбеи.
Акассациатә коллегиа, Аԥсны административтә аӡбареиҿкаара азы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 308, апункт 1 напхгагас иҟаҵаны, Алеқсандр Анқәаб «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара ианашьара азы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟа азакәанмчы амам ҳәа азхаҵара азы 1992-1993шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа еидызкыло ауаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа иалеиҵаз азашшра ала хәажәкыра 22, 2023 шықәсазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа иаднакылаз аӡбамҭа ԥсахрада ааныжьреи, азыҳәамҭа анамыгӡареи рзы аӡбамҭа аднакылеит.