Print this page
19.Лаҵара.2023

Едуаорд Быҭәбеи Пиотр Глобычкои Аԥсны азы амедицинатә кадрқәа разыҟаҵара азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Москваҟа иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны И. М. Сеченов ихьӡ зху Актәи Москватәи аҳәынҭқарратә медицинатә университет аректор Пиотр Глыбочко диԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Едуард Быҭәбеи Пиотр Глыбочкои Аԥсны азы амедицинатә усзуҩцәа разыҟаҵареи, Аԥснынтәи апациентцәа ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса аҳәаақәа ирҭагӡаны ауниверситет иатәу ахәышәтәырҭа аҿы рыстационартә хәышәтәреи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Иара убас аԥснытәи амедицинатә усзуҩцәа рзы И. М. Сеченов ихьӡ зху Актәи Москватәи аҳәынҭқарратә медицинатә университет аклиникақәа рҿы аԥышәахысра аиҿкаара, аҵарадырратә программақәа рымҩаԥгареи аҵарауаҩтә ҩаӡарақәа раиуразы ақәыргылаҩцәа раҳасабала аԥснытәи аспециалистцәа ралкаареи, уҳәа атемақәа шьҭырхит.    

Пиотр Глыбочко Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра аус ацура азы азхиара шыҟоу азгәеиҭеит.

Аԥхьанатә аусеицура арӷәӷәара иазырхоу аусмҩаԥгатәқәа, ахәҭакахьала анаука-ҵарадырратә форумқәа, азанааҭдырра аҩаӡара ашьҭыхра азы еиуеиԥшым амастер-классқәа, уҳәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭақәа рыдыркылеит.  


Read 322 times - Ахәаша, 19 Лаҵара 2023 17:27