Print this page
16.Лаҵара.2023

Акциаи «Аҵх амузеи аҟны» Аԥсны Абанк амузеигьы ахы аланархәуеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза 18 рзы имҩаԥысраны иҟоу Жәларбжьаратәи амузеиқәа рымш ахы аланархәраны иҟоуп иара убас Аԥсны Абанкгьы.

Ари амш аҽны амузеи ашәқәа аҭааҩцәа рзы иаартхоит асааҭ  19:00 инаркны асааҭ 21:00 рҟынӡа. Амузеи аҭааҩцәа ирзыԥшуп аинтерес зҵоу аекспозициақәа рбара, афильм абара, ахатәы ԥараҿырпы аԥҟара.

Уаанӡа иҟаз адыррақәа рыла, жәларбжьаратәи акциа «Аҵх амузеи аҟны» азы иҷыдоу апрограммақәа еиҿыркааит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥш амузеи, иара убас Дырмит Гәлиа Илитература-мемориалтә аҩны-амузеи   аҟны. 

 

 


Read 188 times