Print this page
16.Лаҵара.2023

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа аҳәынҭқаррабжьаратәи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы имҩаԥысит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә хылаԥшырҭақәа рхадацәа Инал Арӡынбеи Ахсар Џьиоеви реиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра астратегиатә усеицура адепартамент анапхгаҩы Џьемал Бганба, Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәаанырцәтәи аусбарҭақәа аус рыцура азы аҟәша анапхгаҩы Алеқсеи Санакоеви Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ  Олег Боциеви.  

Аиԥылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа аҳәынҭқаррабжьаратәи аусеицура иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Аиԥылара традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, акыр аԥхарра аҵаны имҩаԥысит.

Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара 30-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкны еиҿкаахо аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы алаирхәуеит.  

 

 


Read 187 times