Print this page
16.Лаҵара.2023

Аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациа азы акомиссиа аԥсуа ган аҩганктәи аилатәара аҽазыҟанаҵоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациеи Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара амшынтә ҵакырақәа  аҳәаа рыбжьазаареи рзы акомиссиа аилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Аилатәара иалахәыз амшынтә ҵакырақәа аҳәаа рыбжьазаара ацәаҳәа ашьақәыргылара аметодика, иара убас аҳәынҭқарратә ҳәаа ацәаҳәақәа атопографиатә хсаалақәа рарбара азҵаарақәеи  ирылацәажәеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ԥхынҷәынмза 12, 2022 шықәсазы иҭижьыз Аусԥҟа ала аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациеи Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара амшынтә ҵакырақәа  аҳәаа рыбжьазаареи рзы акомиссиа аилазаара шьақәирӷәӷәеит.  

Акомиссиа ахантәаҩыс дҟаҵан аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Даур Џьопуа. Акомиссиа аилазаара иалалеит ареспублика еиуеиԥшым аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи рхаҭарнакцәа.  В состав комиссии вошли представители различных министерств и ведомств республики. 

 

 


Read 219 times