Print this page
15.Лаҵара.2023

Ҭеимураз Хишба: «Гәылрыԥшь араион атуристцәа радыԥхьаларазы иахәҭоу зегьы амоуп».

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хишба акурортә сезон аламҭалазы Гәылрыԥшь араион ахь аусуратә ныҟәара мҩаԥигеит. Аминистр араион ахада Саид Ҳаразиа диԥылеит.

Аиԥылара иара убас иалахәын аминистр ихаҭыԥуаҩцәа  Асҭамыр Барцыци Дмитри Занҭариеи араион ахада ихаҭыԥуаҩ  Беслан Цвинариеи.

Аминистр атуризм аусхкы аганахьала Гәылрыԥшь араион апотенциал ду шамоу азгәеиҭеит.

«Гәылрыԥшь араион атуристцәа радыԥхьаларазы иахәҭоу зегьы амоуп. Араҟа зеиӷьаҟам амшын ыҟоуп, аҭыԥ ԥшӡарақәа рацәоуп. Ари зегьы – атуристцәа ирҭаху ауп», – ҳәа иҳәеит иара.

Атуризм Аминистрра ахада игәаанагарала араион ахь атуристцәа раара В.Г.Арӡынба ихьӡ зху аҳаирплан аусура ианалагалак ашьҭахь акыр иазҳауеит.

Саид Ҳаразиа убасҵәҟьа аҳаирплан аусура алагара иаҵоу аҵакы ахә ашьара уадаҩуп ҳәа иазгәеиҭеит.  

Анаҩс Ҭеимураз Хишбеи Саид Ҳаразиеи аҳаирбаӷәаза иаҭааит, Гәылрыԥшь араион Ахадара адгьылхархәареи архитектуреи рыҟәша анапхгаҩы Даур Шьоуа иҿцәажәеит. 

 

 


Read 212 times - Ахаша, 17 Лаҵара 2023 13:51