«Аҳаирбаӷәаза иаҵанакуа адгьылҵакыра аҿыгара азҵаарақәа рыӡбара Аԥсны аекономика Аминистрра анапынҵа ала Гәылрыԥшь араион Ахадара инанагӡоит. Маҷк ада апроект-харџьынҵатә документациа еиқәыршәоуп. Уажәы уи Афедералтә Автономтә Усбарҭа «Урыстәыла аҳәынҭқарратә експертиза аусбарҭа хада» аҟны ишьҭоуп. Аескпертиза анхыркәшахалак ашьҭахь апроект ишарбо ала аргылара-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагоит. Еиҭашьақәыргылахоит аҳаирбаӷәазатә хыбрақәеи амаҵзуратәи атехникатә цхыраагӡатә хыбрақәеи. Ашьҭыԥраарҭа цәаҳәа аҿгьы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгатәуп. Мҽхакы ҭбаала аусурақәа нагӡатәны ҳаԥхьа ишьҭоуп», – ҳәа иҳәеит Даур Шьоуа.