Print this page
14.Лаҵара.2023

Гәдоуҭа араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны хәҩыуаак ҭахеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Гәдоуҭа араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны хәҩыуаак ҭахеит.

«Ахәылԥаз маи 13 азы Гәдоуҭа араион Абӷархықә ақыҭан автомашьына Таиота аныҟәцаҩ, 1994 ш. азы ииз, аԥсҟы измырманшәалеит, иаԥхьаҟа иаауаз амашьына даҿаланы абетон аанда дасит. Абри иахҟьаны ԥшь-ҩык апасаџьырцәеи аныҟәцаҩи араионтә хәышәтәырҭахь инаган, иара убраҟа рыԥсҭазаара иалҵит. Иҭахаз зегьы 25 шықәса инаркны 35 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз ракәын»,-ҳәа Аԥсныпресс акоррепондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит Гәдоуҭа араион амилициа аҟәша аиҳабы Зосма Гыцба.

«Ари трагедиоуп. Уажәы аҭыԥантәи ахәышәтәырҭа аҿы ҳаҟоуп. Аҳақьымцәа автомашьына Toyota иҭаз рыхәҩык шҭахаз азы адырра ҟарҵеит», - ҳәа иазгәеиҭеит Зосма Гыцба.

 


Read 189 times - Ахаша, 17 Лаҵара 2023 01:56