Print this page
12.Лаҵара.2023

Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба ҳаҭырла дыргәаладыршәеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза 12  рзы – Аԥсни Адыгееи жәлар рартист , «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара акавалер Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба (лаҵарамза 12, 1917ш. – жәабранмза 25, 2004 ш.). иира Амш азгәарҭоит.

Аҟәа ақалақь, апоет ихьӡ зху апарк аҿы ашәҟәыҩҩы анышә дахьамадоу ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Баграт Шьынқәба ҳаҭырла дыргәаладыршәарц арахь имҩахыҵит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ  Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, арҿиаратәи анаукатәи интеллигенциа ахаҭарнакцәа, Аԥсны ашәҟәыҩцәа Реидгылареи ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи алахәылацәа,  апоет иуацәа, аҟәатәи ашколқәа рҵаҩцәа.

 

 


Read 208 times