Print this page
11.Лаҵара.2023

Аслан Бжьаниа аӡбаратә мчра аусзуҩцәа «Аԥсны зҽаԥсазтәыз аиурист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аҟәа. Лаҵарамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аӡбаратә мчра аусзуҩцәа «Аԥсны зҽаԥсазтәыз аиурист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.   

Алан Бжьаниа Иусԥҟа ала, аӡбаратә мчра арӷәӷәареи атәылауа рзакәантә зини ринтересқәеи рыхьчареи иҳараку рзанааҭтә ҩаӡареи рзы, аӡбаратә мчра аусбарҭақәа русзуҩцәа «Аԥсны зҽаԥсазтәыз аиурист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьахеит.

Убас аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьахеит:

  • Акаба Гьаргь Нури-иԥа;
  • Хасаиа Белла Константин-иԥҳа;
  • Трещиова Лидиа Евгени-иԥа;
  • Ануа Марина Спиридон-иԥҳа. 

 


Read 157 times