Print this page
09.Лаҵара.2023

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа Аԥсны атәылауаа зегьы Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 78- шықәса ахыҵра рыднаҳәалоит.

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа Аԥсны атәылауаа зегьы 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 78- шықәса ахыҵра инамаданы  гәык-ԥсыкала ирыдныҳәалоит.

 «Лаҵарамза 9  рзы ҳара ҳабацәеи ҳабдуцәеи рфырхаҵареи ргәымшәареи азгәаҳҭоит. Урыстәыла еиԥш ари аибашьра Аԥсны ҩнаҭацыԥхьаӡа инеит. Афронт ахь ицеит 55 нызықьҩык инареиҳаны Аԥсны аҵеицәа. Урҭ рахьынтә 17 нызықьҩык инареиҳаны Рыԥсадгьыл Ду ахьчара фырхаҵарыла рхы ақәырҵеит. Ар Ҟаԥшь ацәыӡ дуқәа шамазгьы, Берлин ақалақь ахь анаӡареи Реихстаг Аиааира абираҟ ахаргылареи рыла аибашьра ахыркәшара алнаршеит.

Абџьар кны Зыԥадгьыл фырхаҵарыла изыхьчоз, атыл аҿы афронт азы уахи-ҽни ааԥсарак ҟамҵаӡакәа аџьабаа збоз, афронтқәа рҿы иҭахаз, афашисттә лагерьқәа рҿы аџьамыӷәа цәгьа зыхганы зыԥсаҭазаара иалҵыз ргәалашәара, ҳара зегьы иаҳзеиԥшу аҭоурыхи уажәы ишьақәгыланы иҟоу аԥсны-урыстәылатәи  аимабзиаратә еизыҟазаашьақәеи рышьаҭаны иҟоуп.   Ишәыдышәкыл ҳара ҳҟынтәи гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәалара, ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, анасыԥ, аманшәалара, аҭынчра! Аиааира Амш шәадныҳәалазааит!» - ҳәа иаҳәоит адныҳәалараҿы.


Read 144 times