Print this page
08.Лаҵара.2023

Аҟә ақалақь аҿы Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 78 - шықәса ахыҵра иазкны арратә парад аҽазыҟаҵара хада мҩаԥысит.

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 1941 – 1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара  78-шықәса ахыҵра иазкны арратә парад аҽазыҟаҵара  аусмҩаԥгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҟәа ақалақь аҿы арратә парад аҽазыҟаҵара хада мҩаԥысит. Уи рхы аладырхәит 600-ҩык инареиҳаны атәылахьчара Аминистрра, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Иреиҳаӡоу амилициа ашкол, Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра 7-тәи еизаку арратә базеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура аҳәаахьчаратә Усбарҭеи рыруаа.

 


Read 154 times