Print this page
08.Лаҵара.2023

Аслан Бжьаниа Ҭҟәарчал араион Администрациаҟны анҭыҵтәи аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Тҟәарчал араион Администрациаҟны анҭыҵтәи аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит

Араион аҟны иҟоу аҭагылазаашьазы Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа ажәахә хада ҟаҵаны дықәгылеит.

Ирылацәажәеит араион аҿиара, иара убас Аԥсны асоциалтә-економикатә ҿиаразы аинвестициатә программа анагӡара иадҳәалаз азҵаарақәа.

Аҳәынҭқарра Ахада адырра ирҭеит Тҟәарчал араион аџьармыкьа аиҭашьақәыргалара шымҩаԥысуазы, ауада рацәа змоу анхарҭа ҩынқәа рхыбқәа рыԥсахразы.

Исидор Дочиа иажәақәа рыла, араион аҿиареи аекономика ашьҭыхреи рзы ихадароу факторны иҟоуп аинвестициақәа, урҭ аарыхреи аекономикеи рхырхарҭа ҿыцқәа раартра ирыцхраауеит.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит арегион аҿиаразы аинвестициақәа радԥхьалара иамоу аҵак ду, рнапгьы ианиҵеит абри аганахьала аусура дырӷәӷәарц.

Аҳәынҭқарра Ахада ицын Ахада Ихаҭыԥуаҩ  Бадра Гәынба, Ахада Иусбарҭа Ахада Џьансыхә Нанба, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент  адепутат Герман Каҷараа.

 


Read 156 times