Print this page
08.Лаҵара.2023

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аиааира ду 78 шықәса ахыҵра идиныҳәалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аиааира ду 78 шықәса ахыҵра идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә шәҟәаҿы, ҷыдала, иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит хаҭала Шәареи  Урыстәыла ауаажәларреи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду  аҟны Аиааира 78 шықәса ахыҵра.

Ари амш адунеизегьтәи аҭоурых ианылеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны асовет солдаҭцәа анемец фашистцәа ирҿагыланы рықәԥараҿы аиааира аныргаз иамшны.

Иахьа ҳара иаҳгәалаҳаршәоит асовет солдаҭцәеи атыл аҟны аџьа збози  рфырхаҵаратә хҭысқәа. Асовет жәлар зегьы ракзаареи ҳзеиԥш Ԥсадгьыл ахьчаразы ахықәки ирыбзоураны афашизм ақәхреи адунеи атәра ацәыхьчареи алыршахеит

Аџьынџьтәылатә еибашьр  Дуӡӡа аҟны  Аиааира агара ҿырԥшы бзиоуп аиашьаратә жәларқәа зегьы реидгылара арӷәӷәаразы.

Зегьы ҳзы иԥшьоу  Аиааира Ду амш азы азин сышәҭозар, Владимир Владимир-иԥа, ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, агәамч, аҭакԥхықәра зцу шәусураҟны ақәҿиарақәа!"

 


Read 182 times - Аҩаша, 16 Лаҵара 2023 00:28