Print this page
08.Лаҵара.2023

Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниа Аиааира Ду Амшныҳәа идиныҳәалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниа  Аиааира Ду амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира агара 78 шықәса ахыҵра.

Ҳара ҳабацәеи ҳабдуцәеи рыжәҩахыр еидҵаны, аӷа хәымга иҭархаразы рхы иамеигӡакәа,  фырхаҵарыла еибашьуан, еизҳауа абиԥарақәа аҭынчреи ахақәиҭреи рымазарц азы.

Агәра згоит, Аиааира ду азеиԥш доуҳатә ҭынха аԥхьаҟагьы аидгыларатәи, астратегиатәи усеицураҟны урыстәыла-аԥснытәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара ишацхраало.

Аҳәара ҟасҵоит Аԥсны иқәынхо Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа, атыл иазыхандеиуаз зегьы иҭабуп ҳәа сызрашәҳәарц, агәабзиареи, агәамчи, ақәранҵыреи сыхьӡала ирзеиӷьашәшьарц».

 


Read 174 times