Print this page
06.Лаҵара.2023

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Илиа Христианов Аиааира Амшныҳәа идиныҳәалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа 1941 – 1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Илиа Христианов Аиааира Амшныҳәа идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы, ахәҭакахьала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Илиа Фома-иԥа. Гәык-ԥсыкала аныҳәамш Ду шәыдаҳныҳәалоит! Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит Аԥсадгьыл ахьчараҿы иаашәырԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи аиааиразы агәазыҳәареи амчхара дууи ирыбзоураны иахьа иҳамоу аҭынч ԥсҭазаара азы.

Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, ашықәснҵыра ду, аманшәалара. Шәара шәбиԥара еиҵагыло аҿыр рзы иҿырԥшыгоуп. Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит уи азы!»


Read 387 times