Print this page
05.Лаҵара.2023

Лҵарамза 6 рзы абоксиор Игорь Адлеиба Максим Черничук диацлабуеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 5,  2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Лаҵарамза 6 рзы  аҿар рыбжьара WBO адунеи ачемпион  Игорь Адлеибеи (14-0-2) Молдавиа абжьаратә ақапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара актәи аҭыԥ аанызкыло аспортсмен Максим Черничуки (4-0) реиндаҭлара мҩаԥгахоит. Аа-раундк рыла иҟоу аиндаҭлара Екатеринбург ақалақь аҿы, RCC Boxing Promotions аҟынтәи абокс ахәылԥаз аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит.  

Лаҵарамза 5 рзы абоксиорцәа еиқәшәеит. Урҭ рыкапанра мҩаԥысит.

Аиндаҭлара ишиашоу ицо аефир ала ателеканал «Бокс ТВ», иара убас Youtube RCC:MMA&Boxing ала идырбахоит. Атранслиациа асааҭ 15:00 рзы имҩаԥысуеит.


Read 236 times