Print this page
04.Лаҵара.2023

Мшаԥымзазы Аԥсны абиуџьет иалагалахеит 404 млн мааҭ ашәахтә шәатәқәа.

Аҟәа. Лаҵарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра ахылаԥшрала ҳазҭоу ашықәс мшаԥымза иалагӡаны абиуџьет иалагалаз ашәахтә шәатәқәа – 258,7 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәаз аплан ала 156%, даҽакала иуҳәозар,  404,3 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

2023 шықәса ԥшьымз ирылагӡаны ареспублика абиуџьет ашәахтә шәатәқәа раҳасабала иалагалаз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 1 млрд.  266,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Убри аан аплан 913,6 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәан. Анагӡара   139% рҟынӡа инаӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра аофициалтә саит.

2023 шықәса ԥшьымз рыла Аҟәа ақалақьи араионқәеи рыла ашәахтә шәатәқәа шьақәгылеит:

ақ. Аҟәа – 515,8 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәаз  аплан ала иалагалахеит 650,9 млн. мааҭ, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар  - 126%.

Гагра араион – 163,5 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәаз  аплан ала 364,5 млн. мааҭ, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар - 223%.

Гәдоуҭа араион – 60,3 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәаз  аплан ала иалагалахеит 83,5 млн. мааҭ, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар - 139%.

Аҟәа араион – 48,0 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәаз  аплан ала иалагалахеит 61,1 млн. мааҭ, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар - 127%.

Гәылрыԥшь араион – 29,3 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәаз  аплан ала иалагалахеит 38,2 млн. мааҭ,  мамзаргьы даҽакала иуҳәозар -  130%.

Очамчыра арион – 71,7 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәаз  аплан ала иалагалахеит 31,5 млн. мааҭ,  мамзаргьы даҽакала иуҳәозар -   44%.

Ҭҟәарчал араион – 10,1 млн мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәаз  аплан ала иалагалахеит – 13,5 млн. мааҭ,  мамзаргьы даҽакала иуҳәозар 133%.

Гал араион – 14,9 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәаз  аплан ала иалагалахеит – 23,1 млн. мааҭ,  мамзаргьы даҽакала иуҳәозар 155%.

 


Read 322 times