Print this page
03.Лаҵара.2023

Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҟынтәи изаамҭанытәиу агуманитартә цхыраара Аҟәантәи Луганскҟа идәықәҵахеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҟынтәи изаамҭанытәиу агуманитартә цхыраара Аҟәантәи Луганскҟа идәықәҵахеит.

Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа дызхагыло аԥснытәи аиқәырхаҩцәа Лугансктәи Жәлартә Республика ахь афатә аалыҵқәа, абаҭылкақәа ирҭоу аӡрыжәтә, амаҭәақәа наргоит. Аидара еизыргеит хазхаҭалатәи ауааԥсыреи аиуристтә хаҿқәеи.

 


Read 401 times