Print this page
28.Мшаҧы.2023

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҿаԥхьа абираҟ аҵәира аԥшасра иахҟьеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Зхаҭара шьақәыргылам аинтернет ахархәаҩык Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахыбра  аҿаԥхьа иҵәины игылоу абираҟ иазкны авидео аинтернет иҭеиҵеит.

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура ари ахҭыс зыхҟьаз аԥшасра ауп, насгьы уи иангәаҭаха ашьҭахь иаразнак ирҽеин ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит.  

Ари авидео рылазырҵәо атәылауаа зегьы рахь аҳәара ҟаҳҵоит, ареспублика ауаажәларра  рырбыжкра хықәкыс измоу ахымҩаԥгашьақәа мап ацәыркырц азы.  

 

 


Read 438 times