Print this page
23.Мшаҧы.2023

Едуард Быҭәбеи Урыстәылатәи аҳақьымцәа рделегациа алахәылацәеи Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы Афырхацәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Актәи Аԥснытәи амедицинатә форум алахәхаразы ареспубликаҟа иааз урыстәылатәи аҳақьымцәа рделегациа  алахәылацәеи  аҳҭнықалақь Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы Афырхацәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.  

Иара убас акциа алахәылацәа ари апарк аҿы збиустқәа гылоу аԥсуа ар рԥызацәа, Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Дбари Аԥсны Афырхаҵа Султан Сосналиеви ҳаҭырла иргәаладыршәеит.   

Ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара рхы аладырхәит урыстәылатәи академикцәа, апрофессорцәа, амедицинатә наукақәа ркандидатцәа, аҳақьымцәа, агәабзиарахьчара Аминистрра аусзуҩцәа, аԥснытәии урыстәылатәии амедицинатә еилазаара ахаҭарнакцәа.

 


Read 572 times - Ашәахьа, 24 Мшаҧы 2023 20:48