Аҟәа. Мшаԥымза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Адгәыр Агрба изаамҭанытәиу акласстә чын ианашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аусԥҟа атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ианашьазааит «Аиустициа 3 акласс иаҵанакуа аҳәынҭқарратә абжьгаҩ» ҳәа изаамҭанытәиу акласстә чын Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокурор Хада Агрба Адгәыр Ныгәзар-иԥа».