Аҟәа. Мшаԥымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Анжела Кучубериа «Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ланашьоуп.
«Ажурналистика аусхкы аҿы ллагалеи шықәсырацәа инеиԥынкыланы ламысцқьала лзанааҭтә уалԥшьа анагӡареи рзы, Кучубериа Анжела Иури-иԥҳа, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟынтәи ИТАР-ТАСС акорреспондент», - ҳәа иаҳәоит мшаԥымза 7 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапы зҵаиҩыз Аусԥҟа атекст.