АԤСНЫ АУААЖӘЛАРРАТӘ ПАЛАТА АХЕИЛАКИ АКОМИССИАҚӘЕИ АԤҴОУП.
Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 6 рзы Ауаажәларратә Палата аҟны апленартә еилатәара мҩаԥысит. Араҟа Ауаажәларратә Палата Ахеилаки акомисиақәеи аԥҵахеит.
Ауаажәларратә Палата аҿыц ааԥхьара аҿы аус аулоит акомиссиақәа 10:
- Аҳәынҭқарратә ргылара, аҭыԥантәи ахаланапхгареи ауаажәларратә диалог аиҿкаареи рзы Акомиссиа.
- Атәылахьчара, амилаҭтә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Акомиссиа.
- Аҳәынҭқарратә бызшәа, аҵарадырра, анаука, акультура аҿиареи адоуҳатә ҭынха ахьчареи рзы Акомиссиа.
- Аветерантәии хатәгәаԥхарала аибашьцәа реиҿкаарақәа аус рыцура азы Акомиссиа.
- Аинформациатә политикеи ажәа ахақәиҭреи рзы Акомиссиа.
Аекономикатә ҿиареи аусдкылара адгылара аҭареи рзы Акомиссиа.
Адәныҟатәи аимадарақәеи арепатриациеи адемографиеи рзы Акомиссиа.
Агәабзиарахьчара, аспорти аҿар русқәеи рзы Акомиссиа.
Аекологиеи аԥсабарахархәареи рызҵаарақәа рзы Акомиссиа.
Гал араион ауааԥсыра Аԥсны Аҳәынҭқарра иаку асоциалтә ҵакыра ахь ринтеграциа азы Акомиссиа.