Print this page
04.Мшаҧы.2023

АԤСНЫТӘИ АСПОРТСМЕНЦӘА 18-ШЫҚӘСА ЗХЫМҴЫЦ АРԤАРЦӘА РЫБЖЬАРА ЗХЫ ИАҚӘИҬУ АИҚӘԤАРА АЗЫ УРЫСТӘЫЛА АԤХЬАХӘГАРА РХЫ АЛАДЫРХӘРАНЫ ИҞОУП.

Аҟәа.  Мшаԥымза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥнытәи аспортсменцәа 18-шықәса зхымҵыц арԥарцәа рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Урыстәыла Аԥхьахәгара рхы аладырхәраны иҟоуп. Аицлабрақәа мҩаԥысуеит мшаԥымза 3 инаркны 7 аҟынӡа  ақалақь Наро-Фоминск аҿы (Урыстәыл, Московатәи аобласть). 

Зыкапантә категориа 42 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара дықәгылоит Мураҭ Ԥкьын, зыкапантә категориа 51 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара  - Едуард Урчуков, зыкапантә категориа 55 кьыла рҟынӡа инаӡо - Алан Герзмаа, зыкапантә категориа 65 кьыла рҟынӡа инаӡо  - Леон Ӡкәуа, зыкапантә категориа 71 кьыла рҟынӡа инаӡо -Вахтанг Акаба, Еснаҭ Кәтарбеи Алан Багаҭелиеи.


Read 374 times