Print this page
03.Мшаҧы.2023

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ЛИЛИ БГАНԤҲА АҴЫХӘТӘАНТӘИ ЛЫМҨАХЬ ЛЫНАСКЬАГАРА ИАЗКЫЗ АУСМҨАԤГАТӘ ДАЛАХӘЫН.

Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Лили Бганԥҳа аҵыхәтәантәи лымҩахь лынаскьагара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын. Лили Бганԥҳа  лыԥсҭазаара далҵит иҳаҩсыз ахәаша, Аҟәа ақалақь, 86 шықәса лхыҵуан.

Лили Дыгәыжь-иԥҳа Бганба иланашьоуп Аџьа абираҟ ҟаԥшь аорден,  "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара. Аԥснытәи АССР ахәаахәҭра аминистрc, АССР Аԥснытәи  Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс,  1993 шықәса инаркны 2005 шықәсанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра афинансқәа рминистрс дыҟан.

 


Read 403 times - Ашәахьа, 03 Мшаҧы 2023 18:47