Print this page
03.Мшаҧы.2023

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ЕИХАГЫЛАК ЗМОУ АҨНЫ БЛИТ.

Аҟәа.  Мшаԥымза  3, 2023  шықәса.  Аԥсныпресс. Гәымсҭа ақыҭаҿы, Аишьцәа Езыгәбаа рымҩа ала игылаз еихагылакны иҟаз аҩны амца акит. Амцакра шыҟалаз азы Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь адырра ҟалеит    08 сааҭи 13 минуҭи рзы.   

Амцарцаҩцәа аҭыԥ ахь раара аламҭалазы аҩны зегьы амца амҽханакхьан. Амцарцәара рхы аладырхәит Аҟәа ақалақь абылрацәыхьчаратә ҟәшақәа  4, иара убас Аҟәа ақалақь аԥшаара-еиқәырхаратә Отриад  аԥсеиқәырхаратә ҟәшаки.  

 

Амцарцаҩцәа ирылшоз зегьы шыҟарҵазгьы аҩны  зегьы блит.

Аӡәгьы ааха рмоуӡеит.


Read 440 times