Аспортсменцәа азыҟаиҵоит косики карате сериндзириу Афедерациа апрезидент, Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Демис Адлеиба.
Аҟәа. Хәажәкырамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Альберт Киракосиан косики карате азы Алада-Федералтә Округ Ачемпионат аҿы аиааира игеит, Иарна Марганиа ари Ачемпионат аҿы араӡны медал ланашьахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Аицлабрақәа мҩаԥысит мшаԥымза 1 азы Ростов -на-Дону ақалақь аҿы.
Ареспублика Аԥсны косики карате Афедерациа аспортсменцәа атурнир рхы аладырхәит Урыстәыла аспорттә контакттә карате анапхгараҭара ааԥхьарала.
Аспортсменцәа азыҟаиҵоит косики карате сериндзириу Афедерациа апрезидент, Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Демис Адлеиба.