Print this page
02.Мшаҧы.2023

АШКОЛ ИҬАМЛАЦ РЗЫ «АНБАН» ҾЫЦ ҬРЫЖЬИТ. АБХ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵарадырра Аминистрра ашкол иҭамлац рзы «Анбан» ҿыц ҭнажьит.   

Ахәыҷбаҳчақәа аиҳабыратә гәыԥқәа рҿы, иара убас ашколқәа аҽазыҟаҵаратә классқәа рҿы ари арҵага шәҟәи уи иацу аусуратә тетрадқәеи хәыда-ԥсада рыҭара еиҿкаахоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҵарадырра Аминистрра апресс-маҵзура.  

Аҭаацәа рхала рхәыҷқәа азыҟарҵарц рҭаххозар, усҟан иарбоу арҵагашәҟәи уи иацу аусуратә тетрадқәеи ашәҟәыҭирҭақәа рҿы иаархәаргьы ҟалоит.

Аҵарадырра Аминистрра хара имгакәа актәи акласс аҿы аҵара зҵо рзы «Анбан» ҭнажьраны иҟоуп, уи уажәы даҟьала аиқыршәара мҩаԥысуеит.

Ашәҟәы авторцәа –  Ада Кәарҷелиа, Земфира Ҵәыџьба, Ирина Кәыҭелиа.


Read 355 times