Аҟәа. Мшаԥымза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Амилаҭтә шьапылампылтә Лига Актәи Ачемпионат аҳҭнықалақь астадион «Динамо» аҿы ихацыркхеит.
Аԥсны Амилаҭтә шьапылампылтә Лига Актәи Ачемпионат аартра мҩаԥысит мшаԥымза 1 , Аҟәа ақалақь астадион «Динамо» аҿы. Ачемпионат рхы аладырхәуеит ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рҟынтәи 13 командак.
Атурнир актәи амш азы имҩаԥысраны иҟоуп х-еиԥыларак. «Џьгьарда» акомандеи «Ешыра» акомандеи, «Аӡҩыбжьа» акомандеи «Ҷлоу» акомандеи еиԥылоит, иара убас «акомандақәа «Лыхны» «Аԥсны 2» еицыхәмаруеит.
Аԥсны Амилаҭтә шьапылампылтә Лига – ари ҵыԥх ақыҭақәа ркомандақәа рыбжьара имҩаԥысыз Ачемпионат атрансформациа ауп. Усҟан ичемпионцәахеит «Ҷлоу» акоманда ашьапылампыласыҩцәа, аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит акоманда «Уарча». Арҭ аҩ-командак уажәтәи асезон азы, Амилаҭтә шьапылампылтә Чемпионат анаҩсгьы Аԥсны Ахраҿа агара азы аицлабрақәагьы ирылахәхоит.