Print this page
31.Хәажәкыр.2023

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБИ РАДИ ХАБИРОВИ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИИ АДӘНЫҞАЕКОНОМИКАТӘИИ АИМАДАРАҚӘА РЫБЖЬАҴАРА АЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА РНАПЫ АҴАРҨИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аԥыза-министр Алеқандр Анқәаби Башкортосҭан Ахада Ради Хабирови Аҟәа ақалақь аҿы «ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, асоциалтә, атуристтә, акультуратә усхкқәа рҿы жәларбжьаратәии адәныҟаекономикатәи аимадарақәа рынагӡара азы» Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Башкортосҭани (Урыстәылатәи Афедерациа) рнапхгарақәа рыбжьара Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.   

 

Иарбоу Аиқәшаҳаҭра Аԥсны Анапхгреи Башкортосҭан Анапхгареи ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, акультуратә усхкқәа рҿы русеицура аҳәаақәа рырҭбаареи рырӷәӷәареи   хықәкыс иамоуп.  

 


Read 271 times