Print this page
25.Хәажәкыр.2023

ХӘАЖӘКЫРАМЗА 26 – 27 РЗЫ АУРЫС ДРАМАТӘ ТЕАТР АҾЫ АСПЕКТАКЛЬ «АХАҴА ԤШӠА» АԤХЬАРБАРА МҨАԤЫСУЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза  26-27 рзы Ф. Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҟны Алеқсандр Островски  икомедиа ала иқәыргылоу аспектакль «Ахаҵа ԥшӡа» аԥхьарбара мҩаԥысуеит.  

Арежиссиор-ақәыргылаҩ Ирина Дремова, адраматург Екатерина Тимофеева, асахьаҭыхыҩ Тасиа Иудина, акомпозитор Иулиа Колченскаиа. 

Ароль хадақәа нарыгӡоит Осман Абыхәба, Аманда Кәарацхьелиа. 

Аспектакль антрактк ацны 2 сааҭи 30 минуҭи имҩаԥысуеит.

 

 


Read 496 times