Print this page
24.Хәажәкыр.2023

АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АҾЫ АԤСАБАРАТӘ ҲӘЫРԤСАРҬАҚӘА РЗЫ АԤҞАРАҚӘЕИ АҲӘААҚӘА РЫШЬАҚӘЫРӶӘӶӘАРЕИ РЗЫ АУСУРАТӘ ГӘЫԤ АИЛАТӘАРА МҨАԤЫСИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 21,  2023 шықәсазы атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иҭижьыз Ақәҵара инақәыршәаны, Пицунда-Мысратәи, Ԥсҳәы-Гәымсҭатәи аҳәарԥсаррақәеи Риҵатәи ареликттә милаҭтә парки русура аиҿкаара иазку анормативтә шәҟәынҵақәа Аԥсны аԥсабарахьчаратә Закәанԥҵара иақәшәо аҟаҵара азы усуратә гәыԥ аԥҵоуп.

Аусуратә гәыԥ аҿаԥхьа дҵаны иқәгылоуп амилаҭтә парки аҳәарԥсаррақәеи рзы аԥҟаррақәеи аҳәаақәа рышьақәырӷәӷәареи рзы атәыла Анапхгара ашәҟәынҵақәа рыпроектқәа реиқәыршәара.  

Аусуратә гәыԥ иара убас иарбоу атерриториақәа анапхгараҭара назыгӡо аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәа (аиуристтә хаҿқәа) русура аиҿкаара-зинтә форма иазку анормативтә шәҟәынҵақәа Аԥсны аԥсабарахьчаратә Закәанԥҵара иақәшәо аҟаҵара  азы ажәалагалақәа реиқәыршәаразы адҵа амоуп.

 


Read 346 times - Ахәаша, 24 Хәажәкыр 2023 18:54