Print this page
23.Хәажәкыр.2023

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ 50 ШЬАПЫ АЏАБА ҴЛАҚӘА ЕИҬАРҲАУЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы еиҭарҳараны иҟоуп  50 шьапы рҟынӡа аџаба ҵлақәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.

Аҳҭнықалақь Ахадара Анхара-Коммуналтә Нхамҩа Адепартамент  аиқәыршәазаара азы анџьныр-аспециалист Кама Қәҭелиа иҟалҵаз адыррақәа рыла, иаахәоуп 50 инарзынаԥшуа аџаба ҵла ашьапқәа. Урҭ  Абазаа рымҩадууи Владимир Аршба имҩеи Аиааира Апроспекти, иара убас Тарас Шамба ихьӡ зху Апарки рҿы еиҭаҳахоит.  

14-15 шьапы Владимир Аршба имҩаду  – Лакоба имҩа аҟынтәи ҵаҟа амшын аганахьала инагоу амҩаҿы еиҭаҳахоит.  

«Уаҟа уаанӡа аџаба ҵлақәа азҳауан, аха урҭ ахьажәыз иахҟьаны ҵлақәак ԥырҟар акәхеит, аха аҵла ҿақәа аанхеит», – ҳәа илҳәеит лара.

5, ма  7 шьапы Тарас Шамба ихьӡ зху Апарк аҿы еиҭарҳауеит. 15 шьапы инарзынаԥшуа Алашарбага аганахьала – аԥкьаҭмпылтә дәқәа инадыркны ахәыҷбаҳча «Аԥра» аҟынӡа.

Аџаба ҵлақәа Абазаа рымҩа иаваршәны – Арӡынба имҩа аихысырҭа аҟынтәи Ӡиӡариа имҩа аихысырҭа аҟынӡа еиҭаҳахоит.  Иҳаҩсыз ашықәс ааԥынра азы 50 шьапы инарзынаԥшуа ари амҩаҿы еиҭаҳан.


Read 204 times