Print this page
21.Хәажәкыр.2023

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АКОНТРОЛЬТӘ ПАЛАТА АХАНТӘАҨЫ РОБЕРТ АРШБА ЛАМЫСЦҚЬАЛА ИУСУРАЗЫ ИҬАБУП ҲӘА ЕИҲӘЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аконтрольтә Палата Ахантәаҩы имаҵураҟны изинмчқәа рыҿҳәара ахыркәшара инамаданы Роберт Аршба дидикылеит.

Роберт Аршба ари амаҵзураҟны данаҭаз 2013 шықәса мшаԥымза 29 инаркны 10 шықәса аус иуит.

Аҳәынҭқарра Ахада Роберт Аршба иҭабуп ҳәа еиҳәеит Аконтрольтә Палатаҟны ламысцқьала иусуразы, иара иԥышәа, идыррақәа, ипрофессионализм аԥхьаҟагьы аҳәынҭқарраҟны хархәара шаиуа азгәаҭаны.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконтрольтә Палата  аҳәынҭқарратә финанстә контроль мҩаԥызго, иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа иреиҳаӡоу усбарҭаны иҟоуп, иаԥҵоуп 2010 шықәса абҵарамза 5 рзы.

Аконтрольтә Палата Ахантәаҩы амаҵзураҟны дагьаҭахоит амаҵзураҟнытә ихы дагьақәиҭтәхоит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ала адепутатцәа рзеиԥш хыԥхьаӡараҟнытә иреиҳахаз абыжьқәа рыла хәышықәса аҿҳәара иҭаны. Хаҿык инеиԥынкыланы ҩ-ҿҳәарак иреиҳаны Аконтрольтә палата Ахантәаҩыс дҟалар ауӡом.

 

 

Источник: https://www.apsnypress.info/ru/novosti/item/4431-aslan-bzhaniya-poblagodaril-predsedatelya-kontrolnoj-palaty-za-rabotu.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 331 times