Print this page
21.Хәажәкыр.2023

СЕРГЕИ ШАМБА РАШИД НУРГАЛИЕВ ДИԤЫЛЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак аҿы имҩаԥысит Урыстәыла ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви Аԥсны ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамбеи реиԥылара.   

Аусмҩаԥгатә хәажәкырамза 23, 2023  шықәсазы иазԥхьагәаҭоу аҩ-ҳәанҭқаррак ршәарҭадара Ахеилакқәа раппаратқәа рыбжьара 2023-2024 шш. аусеицура аплан анапаҵыҩра аламҭалазы имҩаԥгахеит.

Аиԥылара аҿы жәларбжьаратәии амилаҭтәии ашәарҭадара иадҳәалоу, актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убас азҵаарақәа жәпакы рыла аԥсны урыстәылатәи аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара аперспективақәа ирзааҭгылеит.

Аиԥылара ихы алаирхәит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩ, аинформациатә шәарҭадара аганахьала жәларбжьаратәи аусеицура азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнак ҷыда Алхас Барзаниа.


Read 372 times