Апартиа аҟны иҟоу аусқәа рҭагылазаашьа азы аинформациа ҟаҵо дықәгылеит аполитикатә партиа «Амцахара» ахантәаҩы, Аԥсны Афырхаҵа Алеқсеи Цыгәба.
Аҟәа. Хәажәкырамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, асасааирҭа «Интер-Сухум» аконференц-зал аҟны аусура иалагеит аполоитикатә партиа «Амцахара» XIV Аизара Ду.
Аизара Ду рхы аладырхәуеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, ақалақьқәеи араионқәеи Рхадарақәа рхаҭарнакцәа, адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа.
Апартиа аҟны иҟоу аусқәа рҭагылазаашьа азы аинформациа ҟаҵо дықәгылеит аполитикатә партиа «Амцахара» ахантәаҩы, Аԥсны Афырхаҵа Алеқсеи Цыгәба.