Print this page
20.Хәажәкыр.2023

АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АДЕЛЕГАЦИАҚӘА ЛИВАНИ АФГАНИСҬАНИ РАХЬ АУСУРАТӘ ҬААРАҚӘА НАРЫГӠОИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2023 шықәса.  Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аделегациақәа Левани Афганисҭани рахь аусуратә ҭаарақәа нарыгӡоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.  

Аусуратә ҭаарақәа рхықәкы хаданы иҟоуп: 

– Аԥсни Ливани, Аԥсни Афганисҭани рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рыбжьаҵара азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара;  

Ахәаахәҭратә ҩнқәа раартра;

Ааигәатәи Мрагылара атәылақәеи Аԥсни рыбжьара агуманитартә контактқәа рырӷәӷәара;

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Ааигәатәи Мрагылара аҿы апартниорцәа разыҟазаашьақәа зегьы зымҽхазкуа аҿиара аҵакы ду анаҭоит. 


Read 214 times