Print this page
18.Хәажәкыр.2023

ИНАЛ БЕРЗЕНИА ЗХЫ ИАҚӘИҬУ АИҚӘԤАРАЗЫ САНКТ-ПЕТЕРБУРГ ИМҨАԤЫСУАЗ АԤХЬАХӘГАРА АҾЫ АИААИРА ИГЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Инал Берзениа зыкапантә категориа  86 кьыла рҟынӡа инаӡо рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Санкт-Петербург Аԥхьахәгара аҿы аиааира игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Атурнир мҩаԥысуан хәажәкырамза 17 рзы Санкт-Петербург ақалақь аҿы.  Аицлабрақәа Урыстәыла Аԥхьахәгара алахәхаразы алԥшааратә ҟазшьа змаз еиндаҭларақәан.  

Инал Берзениа азыҟаҵаҩ Ҭемыр Џьопуа иааӡамҭа иоуп, уажәы уи ақалақь Санкт-Петербург иҟоу аолимпиатә резерв азы аҵараиурҭа аҿы иҽазыҟаиҵоит.

 

 


Read 277 times