Аилацәажәара ашьҭахь Аилак аҿы иарбоу азҵаара ахәаԥшразы ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Апарламент аилатәара ахь ацәыргаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы инарҭбаау аусуратә еилатәара аҿы ирыхәаԥшит Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу имаҵураҭыԥ ахь иқәыргылаз акандидатурақәа.
Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу имаҵураҭыԥ аанкыларазы иқәыргылоуп х-кандидатурак – Гәында Џьениа, Анас Кьыьмариа, Диана Керселиан.
Аилацәажәара ашьҭахь Аилак аҿы иарбоу азҵаара ахәаԥшразы ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Апарламент аилатәара ахь ацәыргаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.