Print this page
13.Хәажәкыр.2023

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА УСУРАТӘ ВИЗИТЛА ГАЛ АРАИОН ДАҬААИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гал араион ахь иусуратә ныҟәараан Аҳәынҭқарра Ахада хаҭалатәи аилазаара амобилизациатә зыҟаҵара арӷәӷәара иазку аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара шымҩаԥысуазы атәылахьчара аминистр иажәахә дазыӡырҩит, иара убас имҩаԥигеит аԥсны-қырҭтәылатәи аҳәаа инаваршәны анџьныртә ргыламҭа ҿыцқәа ргәаҭара.

Аинспекциатә ныҟәара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, атәылахьчара аминистр, аинрал-аполковник Владимир Ануа, Арбџьар мчқәа ры-Штаб хада аиҳабы, аинрал-леитенант Владимир Савченко.

 

 


Read 150 times - Асабша, 18 Хәажәкыр 2023 19:56