Print this page
14.Хәажәкыр.2023

СЫНТӘА АԤСНЫТӘИ АИХАМҨА АЛА АИДАРАМҨАНГАРА АРБАГАҚӘА ИАЗҲАИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса ҩымз ирылагӡаны Аԥсныҟа иааит 3 036 вагон. Уи иақәыз аидара азеиԥш капан 206  576 тонн рҟынӡа инаӡон, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Аԥсны Аихамҩа аҟынтәи.  Убас  сынтәа иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, иааз аидара зқәыз авагонқәа 903 вагон рыла еиҳахеит.  2022 шықәса ҩымз рыла ареспубликахь иааган 135 586 тонн аидара – 2 133 вагон.

Аидарамҩангара арбагақәа разҳара аихамҩа аҿы комплексла имҩаԥгаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа, иара убас амагистралтә локомотивқәа ҩба раахәареи ирыдҳәалахеит.


Read 331 times